Print this page
вчера 3:32

Аԥсуа бызшәа аиқәырхариеи аҿиареи ирызкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба имҩаԥигаз аилацәажәара ихадоу алкаақәеи, Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәеи:

Аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, аҿиареи рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны Ахеилак аԥҵара. Уи азкхоит аҳәынҭқарратә бызшәа аларҵәара азҵаарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә ахылаԥшра ҷыда рыҭара.

Амилаҭтә проектқәа. Нап рыдкылахоит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, аҿиареи, аӡыргареи ирызкыу амилаҭтә проектқәа

Зымҽхак ҭбаау аконференциа. Имҩаԥгахоит зымҽхак ҭбаау, аԥсуа ҵарауаа-абызшәаҭҵааҩцәа злахәу аконференциа. Уи азкхоит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи, ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала арҿиареи, ахархәареи рзы астратегиатә мҩақәа рышьақәыргылара. Уи аиҿкааразы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аиҳабыра адҵа риҭеит.

Аԥсуа ҭҵааратә институт адгылара аҭара. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адгылара аҭахоит аетнографиеи, афольклоритсика рхырхарҭақәа рыла

аҭҵаарадырратә материалқәа реидкылаҿы.

 


Read 13 times