pressadmin-2

pressadmin-2

Урыстәылатәи ауаажәларратә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҿы афонд «Иԥшьоу Белогорие ахәыҷтәы кьыбачымазара иаҿагылоуп» анапхгаҩы Евгени Кондратиук зхадараҿы дыҟоу Белгородтәи аекспертцәа Аԥсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рзы апрактикатә семинар мҩаԥыргеит.

Иахьа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминимтрра иатәу Амилициа иреиҳаӡоу ашкол аҿы иҷыдоу мшуп. Аҵараиурҭа актәи акурс иахыԥхьаӡалоуп 35-ҩык акурсантцәа.

Иахьа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминимтрра иатәу Амилициа иреиҳаӡоу ашкол аҿы иҷыдоу мшуп. Аҵараиурҭа актәи акурс иахыԥхьаӡалоуп 35-ҩык акурсантцәа.

Абнатә нхамҩа Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгареи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиеи злахәыз аусуратә еиԥылараан ирылацәажәан абнатә ҭаҵәахқәа хра рыманы рхархәара атәы, иара убас аинфраструктуреи аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәеи рыҿиаразы аҳәынҭқарратә дгылара аҭара азҵаарақәа.

Аусмҩаԥгатә аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор 110 шықәса ихыҵра иазкуп.

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иаԥхьарақәа ирылахәыз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.

Аԥхьарақәа ирылахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба иазгәеиҭеит IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иаԥхьарақәа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, афольклорист Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа диижьҭеи 110 шықәса аҵра ишазку.

Шьалуа Денис-иԥа Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи рҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Ш.Инал-иԥа Аԥсни уи анҭыҵи инарҭбааны деицырдыруеит аԥсуаҭҵаареи Кавказҭҵаареи, аетногенези аԥсуаа ретникатә ҭоурыхи рактуалтә проблемақәа рыҭҵаара иазку ихадоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы дравторны. Аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа рахь иаҵанакуеит: «Аԥсуаа» «Аԥсуаа ретнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи», «Асаӡқәа», «Аԥсуа етикет иазку аочеркқәа» уб. иҵ. Ш. Инал-иԥа иусумҭақәа анализ ҵаулоуп, ахархәара змоу ахыҵхырҭадырратә материал хкы рацәала еилоуп.

Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа аҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡатәи аиԥыларақәа руак иазкыз афильм арбара мҩаԥысит. Анаҩс алахәылацәа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит уаанӡатәи апленерқәа ирылахәыз Урыстәыла Жәлар рсахьаҭыхҩы Шалуа Бедоев.

 «Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит Аԥсны шәыҟазаара, ҳтәыла аинфраструктура аҿиареи апрофильтә усбарҭақәа рыбжьара иааигәаны аинырреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы. Даара акраҵанакуеит ҳапрофильтә министррақәа, ҳусбарҭақәа, азинмчы змоу аусбарҭақәа аусеицура бзиа ахьрыбжьо, уи иалкаау алҵшәақәа аанашьҭуеит», - иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.