Апрограмма алахәхаразы ааԥхьара рымоуп ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа уҳәа амедиаиндустриа ахаҭарнакцәа. Аҵара иаҵанакуеит Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысраны иҟоу латәаралатәи арҵаратә модульқәа ԥшьба.
Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аекспертцәа аус рыцура, акомандатә практика, ахатәы медиапроектқәа разырхиара. Иреиӷьу аԥшьгарақәа равторцәа рыпроектқәа рынагӡаразы ацхыраара роур рылшоит.






